Арадио

Қапԥҳа: аклассикатә музыка есыҽнытәи адгылара аҭахуп

Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониаҿы аӡыргаразы аспециалист хадас иҟоу Арифа Қапԥҳа, арадио Sputnik аефир аҟны афилармониа ашықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟаҵо иазгәалҭеит, аклассикатә музыка есыҽнытәи адгылара шаҭаху.
Sputnik

"Иҳаҩсуа ашықәс даара ибеиан аконцертқәа рыла. Иҟаҳҵарц иаҳҭахыз аҟынтәи инаҳагӡаз рацәоуп, аха ҳагәҭакқәа еиҳауп", — лҳәеит Қапԥҳа.

Афилармониа имҩаԥнаго апроектқәа рҟны ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара амаҷра далацәажәо иазгәалҭеит уи азыҟаҵара ишадҳәалоу.

"Афилармониа имҩаԥнаго аконцертқәа даҽа зыҟаҵарак рҭахуп. Ус еиԥшгьы апроблема ыҟоуп. Афилармониа ахыбра қьырала изго иааргалоит иаҳа имариоу ҳәа ззырҳәо ажанр анагӡаҩцәа, телехәаԥшрала зыхьӡ ӡыргоу, еицырдыруа артистцәа. Ауаа реиҳараҩык иаҳа апопулиартә музыкахь рхы хоуп. Хымԥада, ус еиԥш аконцертқәа бзиоуп. Ҳара ирыдаҳгало амузыка — уи даҽа жанруп, аклассикеи аџьази рыбзиабаҩцәа иаҳа еиҵазар акәхап. Уи ахәыҷқәа ирылааӡатәуп ашкол аҟны, аҭаацәаа рҟны, акультура ҳаракы аҭахуп. Ус ишыҟало агәра ҳгоит, амала аамҭа аҭахуп. Убри аҟынтә апроектқәа аанаҳкылаӡом", — лҳәеит Қапԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Лара иазгәалҭеит аклассикатә ҟазара есыҽнытәи адгылара шаҭаху амеценатцәа рҟынтә.