Аԥсны ахада 2018 шықәса аекономикатә еихшьаалақәа ҟаиҵеит

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи апресс-конференциаҿ 2018 шықәса аекономикатә еихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи апресс-конференциаҿ 2018 шықәса аекономикатә еихшьаалақәа ҟаиҵеит, иазгәеиҭеит ашықәс ауадаҩрақәа шацызгьы ареспубликаҿ ааглыхра аҽыҳаракра ишаҿу.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны акоррупциа аҭагылазаашьазы: ахаангьы иузықәгом

"Иҟан аҭагылазаашьа анырра азҭоз иобиективтәуи иобиективтәыми афакторқәа. Аԥсны адәныҟаекономикатә еикәыршара ҵыԥхтәи ашықәс иаҿурԥшуазар, миллиардки бжаки еиҳахеит. Аимпорт акәзар, 177 миллион мааҭ рыла еиҳахеит", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Ахада далацәажәеит аенергетика азҵааргаьы. Аҳәынҭқарра абри аусхк аҟны аҭагылазаашьа аԥсахра аҽазнашәоит, иҳәеит Ҳаџьымба.

"Ааигәа еиҭашьақәыргылахеит Аҟәа ГЕС. Аха уиак азхоны иҟам. Аусутә рацәа ҳзыԥшуп ҳаԥхьаҟа. Аполитикатә ҟазшьа рымҭакәа арҭ азҵаарақәа рыӡбара ҳалагароуп", - иҳәеит иара.

Атәыла абиуџьет хә-миллиардк артәоит аха ихадоу азҵаарақәа ииашан рызнеираан уи 8-9 миллиард инаӡар алшоит, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.