Аԥсны анефҭ аԥшаареи аҵхреи рызҵаара ԥхьаҟагьы аус адулатәуп

Аԥсны анефҭ аԥшаареи аҵхреи рызҵаара ԥхьаҟагьы аус адулара атәы шаҭаху далацәажәеит Рауль Ҳаџьымба аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҿ.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны анефҭ аҵхра азҵаара аполитикатә цәа ахаҵара рҽаназыршәо ыҟоуп, зегьы ирҭахуп акылҳарақәа "рведрақәа" кны ирыдгылазарц, аха усеиԥш ҟалашьа амам иҳәеит атәыла ахада.

Рауль Ҳаџьымба Аԥсны акоррупциа аҭагылазаашьазы: ахаангьы иузықәгом

"Аԥсны раԥхьатәи ахада ибзианы еиликаауан атәыла аҩныҵҟа аимак ду, апроцесс уадаҩқәа рахь икылсыр шауаз. Ҳара зегьы иаҳҭахуп аамҭакала анефҭ аиуреи аҵхреи. Усеиԥш залшом. Аҳәынҭқарратә хылаԥшра хымԥадатәиуп", - иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны анефҭ аҵхра акрызҵазкуа зҵаароуп. Иара атәыла аекологиатә ҭагылазаашьа еиԥш егьырҭ еиуеиԥшым аусхкқәа ирыдҳәалоуп. Атәыла ахада мап ацәикуам анефҭ аҵхра ақәхарџь рацәа шаҭахугьы ԥхьаҟазы аусурақәа шымҩаԥгалатәу.