Рауль Ҳаџьымба Аԥсны акоррупциа аҭагылазаашьазы: ахаангьы иузықәгом

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәсатәи ипресс-конференциа мҩаԥысит аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ ажурналистцәа рызҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит Аԥсны акоррупциа шьаҭанкыла иузықәгам, иҟауҵар зылшо иахьынӡалшо аиҵатәроуп ҳәа. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ҳаџьымба: атәылаҿ аулафахәқәа ирыцҵахоит

"Акоррупциа еснагь иҟан. Сгәы иаанагоит иагьаанхеит ҳәа. Иҟауҵар зылшо иахьынӡалшо аиҵатәроуп", - иҳәеит иара.

Атәыла ахада ҿырԥштәны иааигеит апрокуратураҿы "ибжьаӡыз" аусқәа. Акоррупциа апроблема аӡбара алшоит аҳәынҭқарратә мчра аструктурақәа зегьы рҽазышәарала иҳәеит иара.

Ҳаџьымба иара убасгьы ахҳәаа риҭеит акоррупциа аҿагыларазы азакәан ариашарақәа ралагалараз ажәалагалақәа.

"Заҟа шықәса ҳалацәажәозеи ахашәалахә адеклорациа азҵаара. Ирыдыркылааит апарламент аҿы. Сара снапы аҵазыҩуеит. Апроектқәеи азакәанқәеи уа ишышьҭац ишьҭоуп". - иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла ахада агәрагара имоуп аӡбрақәа рылацәажәара еиҭакра шыҟарымҵо, иҟаҵатәу урҭ рынагӡара шакәу.