АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ иҳәеит Аԥсны атәылауаҩшәҟәы ала ҳуааԥсыра рыбжеиҳараҩык еиқәыршәоуп ҳәа. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит алхрақәа ирылагаанӡа атәылауаҩшәҟә ҿыцқәа роураны ишыҟоу иаанхаз ахәҭагьы.
"Зегь бзиаӡоуп ҳәа сызҳәом аха атәылауаҩшәҟәы рыҭара апроцесс хара-џьара еиӷьны имҩаԥысуеит", - иҳәеит иара.
Рауль Ҳаџьымба иҳәеит убри аан ҵаҵӷәыда ауаа адокумент рыҭара мап анацәыркуа ахҭысқәа шыҟоугьы. Убас ҿырԥштәны иааигеит Аԥсны Афырхаҵа Альберт Тополиан ихҭысгьы.
Зынӡа Аԥсны 140000-ҩык атәылауаҩшәҟә рымоуп.