Атәыла ахада: ацитрус шәырқәа ралгаразы: аҭагылазаашьа еиӷьны аҽеиҭанакит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәсатәи ипресс-конференциа мҩаԥысит аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аҭагылазаашьа еиӷьны аҽеиҭанакит ацитрус шәырқәа ралгаразы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ. Иара мҩаԥысит аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ҳаџьымба аполитикатә каолициа ҿыцқәа рзы: акыр ирацәоуп

Атәыла ахада азҵаара иҭан ацитрусшәырқәа Аԥсны ралгаразы абаџь 12% шәатәуп, аршаҳаҭгақәа ахә рыхшәаатәуп, ас изыҟалеи ҳәа. Уи аҭакс Рауль Ҳаџьымба иҳәеит 12% иҟоу абаџь ыҟам ҳәа.

"Аԥсуа ган ахь ала ацитрусқәа рзы аҳазалхратә еизга ада аҽа шәахтәк ыҟам. Иҟоуп ацитрусқәа аҳәаа рахыгара еиҿызкаауа аброкерцәа, урҭ рмаҵзурақәа рыхәқәа ҳаракын аха еизганы ҳрацәажәеит. Уи ашьаҭахь аҳәааҿ аҭагылазаашьа шьақәтәеит", - иҳәеит иара.

Иара иҳәеит жәабала аидарамҩангага машьынақәа цитрусла иҭәны аҳәаа ишахысуа.

"Уи иаанаго аусура мҩаԥысуеит ауп", - иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит иахьатәи аамҭазы 23 000 тонна ацитрусқәа аҳәаа ишахыргахьо. Ҵыԥх акәзар ари 4000 тонна ракәын аҳәаа иахыгаз.