АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ атәыла ахадараҿ иҟазаара аамҭазы еиҳа илшамҭаны аӡбахә иҳәеит иҟаз аҭагылазаашьа уадаҩқәа ирыхьмырԥшыкәа гәаӷла дыҭәны дашыҟамлаз. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
"Аҭыԥ змаз аҭагылазаашьа уадаҩқәа ирыхьмырԥшыкәа гәаӷла дыҭәны сҟамлеит. Сара сазыхиоуп зегь рыҿцәажәара", - иҳәеит иара.
Уи адагьы илшамҭақәа рахь иаҵеиркит афинанстә ҭагылазаашьа акыр ишылаҟәызгьы абиуџьет аиқәырхара адагьы иахьацлаз атәы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәсатәи ипресс-конференциахь иааиит аҭыԥантәии аҳәаанырцәтәии АИХқәа рхаҭарнакцәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәсатәи ипресс-конференциа мҩаԥысит аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы.