Ҳаџьымба: атәылаҿ аулафахәқәа ирыцҵахоит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада есышықәсатәи ипресс-конференциа мҩаԥысит аҩаша, ԥхынҷкәын 25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаҿ аҳәамҭа ҟаиҵеит абиуџьет аҟны аус зуа рулафахәы иацлараны ишыҟоу атәы. Абри аҭыԥ аҟынтәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

"Урыстәылеи Аԥсни реилацәажәара инақәыршәаны абиуџьет аусхк аҟны аус зуа рулафахәы 6,2 процент иацлараны иҟоуп", - иҳәеит иара.

Бжьаратәла аулафахәы иартәараны иҟоуп 13-14 нызқьмааҭ. Аԥхьа иргыланы арахь иаҵанакуеит агәабзиарахьчара, акультура русзуҩцәа.