Москва иалацәажәеит Аԥсны азы Аинвестициатә программа амҩаԥгара

Ԥхынҷкәын 25 рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиараз аусеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа аилатәара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26– Sputnik. 2020-2022 шықәсқәа рзтәи Аинвестпрограмма азырхахоит Аԥсны аекономикатә проектқәа рынагӡара ҳәа еиҭеиҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыра рхантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Витали Мутко.

Аԥсны иааиуа 2019-2022 шықәсазы аинвистициақәа рхышәа-ҵышәа ҳәаақәҵоуп

"Ҳара иахьа акомиссиаҟны ҳусеицура аихшьаалақәа ҟаҳҵеит, иазыԥхьагәаҳҭеит 2020-2022 шықәсқәа рызтәи ауснагӡатәқәа. Аинвестициатә программа аганахь ала ҳаилацәажәеит аекономикатә проектқәа ишырзырхахо азы, аиҳаракгьы ааглыхра адгылара, абизнес ацхраара, аинфраструктуратә ҭагылазаашьа аиӷьтәра. Аԥарақәа рхышәа-ҵышәа акәзар иахьазы апрограмма иазоужьу аҟароуп ирзоужьхо", - иҳәеит Мутко.

Аԥсны аԥыза-министр Валери Бганба иазгәеиҭеит 2018 шықәсазтәи аинвестрпрограмма азҵаарақәа зегьы усутә ҳасабла ишрылацәажәаз, аусурақәа рҟны ашьҭахара шыҟам, иазыԥхьагәаҭоу зегьы рыҿҳәара иақәшәаны ишымҩаԥысуа.

"Акомиссиаҿ ҳусура иахықәку Урыстәыла Аԥсны ацхрааразы иазоунажьуа аԥарақәа хра рыманы рныхроуп. Убри азы иалшо зегь ҟаҳҵоит", - иҳәеит Бганба.

Аԥсны аԥыза-министр иара убасгьы иазгәеиҭеит Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара еимак шыҟам апрограмма иаҵаркны иаарышьҭуа аԥарақәа рхархәара аганахь ала.

Ԥхынҷкәын 25 рзы Москва имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-економикатә ҿиараз аусеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа XVII аилатәара.