Рауль Ҳаџьымба Аԥсныҟа дааиԥхьеит Башар Асад

Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа Дамаск ақалақь аҿы рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын цәыббра 4 2018 шықәса рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба есышықәсатәи ипресс-конференциаан иҳәеит Шьамтәыла ахада Башар Асад Аԥсныҟа даасыԥхьеит ҳәа.

Башар Асад Аԥсныҟа аара дақәшаҳаҭхеит, аха уи Шьамтәылатәи аҭагылазаашьа иадҳәалоуп иҳәеит атәыла ахада.

Рауль Ҳаџьымба далацәажәеит Аԥсныи Шьамтәылеи русеицура аусхкқәа

Иара иазгәеиҭеит Шьамтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа наҟ-ааҟ еицырзыфеиданы ишьақәыргылатәуп ҳәа.

"Арҭ азҵаарақәа рыӡбра Урыстәылагьы алаҳархәуеит", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит зҭоурых ԥсадгьыл ахь игьыжьыз ҳџьынџьуаа адгылареи ацхыраареи шырҭаху.

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шрыбжьарҵо азы аҳәамҭа ҟарҵеит лаҵара 29 2018 шықәса рзы.

Аԥсныи Шьамтәылеи рхадацәа Дамаск ақалақь аҿы рнапы аҵарҩит аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын цәыббра 4 2018 шықәса рзы.