Арадио

Ҳашыг: иааиуа ашықәс азы Аԥсны имҩаԥысуа алхрақәа ажуналистцәа рҽазыҟаҵаны иазнеироуп

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг Аҟәа имҩаԥигаз абрифинг аҟны иҳәеит иааиуа ашықәс алагамҭазы аидгыла иалоу ажурналистцәа рнапхгаҩцәа адԥхьаланы, алхрақәа раан аусура инадҳәаланы аицәажәара мҩаԥыргараны ишыҟоу.
Sputnik

"Ҳаԥхьа ишьҭоуп акырӡа зҵазкуа аполитикатә хҭыс – алхрақәа. Ҳара ажурналистцәа ҳҿаԥхьа икәгылоуп ихадароу азҵаара — обиективла, ииашаны ҳажәлар аҭагылазаашьа рзаԥҵара ииашоу аинформациа аиуразы, ииашоу алхрақәа рымҩаԥгаразы. Ҳара уи аганахьала 15 шықәса рыбжьара иҳамоуп аԥышәа, иҟан абзиагьы иара убас аихаҳара зҭахым аҿырԥштәқәа. Убарҭ зегьы ҳасаб рзуны аҽазыҟаҵара бзиа аҭахуп", — иҳәеит Ҳашыг.

Аԥсны ажурналистцәа реидгыла еиҿкаауижьҭеи сынтәа ԥхынҷкәын 17 рзы 50 шықәса ҵит. Аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟала аидгыла иалалеит 36-ҩык ажурналистцәа.