"Каданс" Санкт-Петербург "Аиааирагаҩцәа реицлабра" иалахәхоит

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рҟазаразы жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Аиааирагаҩцәа реицлабра" мҩаԥысраны иҟоуп Санкт-Петербург, ажьырныҳәа 4 - 9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Авокал-инструменталтә ансамбль "Каданс" алахәхоит Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи рҟазаразы жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Аиааирагаҩцәа реицлабра" ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ансамбль "Каданс" анапхгаҩы Алик Алавердиан.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аиубилеи азгәанаҭеит

Иара убасгьы иҳәеит "Аиааирагаҩцәа реицлабра" ишалахәхо аиндаҭлара "Будущее планеты" аҟны аиааира згаз аԥснытәи аколлектив — ансамбль "Каданс".

"Сынтәа ааԥынразы ҳара аиндаҭлара "Будущее планеты" аноминациақәа ҩба рҟны аԥыжәара аагеит, убри инадҳәаланы ҳнарыԥхьеит "Аиааирагаҩцәа реицлабра" ахь", – иҳәеит иара.

Аиндаҭлара "Будущее планеты" зықьҩыла алахәылацәа еиднакылоит ҳәа еиҭеиҳәоит Алавердиан.

"Ҳара х-номинациак ҳрылахәхоит: асолотә вокал, аестрадатә коллектив, аџьаз рҟны" — иҳәоит иара.

Аԥснытәи артистцәа рықәгыларақәа Санкт-Петербургтәи ахәаԥшҩы рыхәшьара аиҭар илшоит аԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала инарыгӡо ашәақәа рыла.

Ахәыҷтәы ансамбль "Каданс" аԥҵан хәышықәса раԥхьа. Асолотә концерт раԥхьаӡа акәны имҩаԥнагеит 2016 шықәса рзы.