Алада Урыстәыла ачемпионат аҿы Аԥснытәи асамбист аиааира игеит

Самбо азы Алада Урыстәыла ачемпионат мҩаԥысит Новороссиск, ԥхынҷкәын 27 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28– Sputnik, Бадри Есиава. Ҩажәиҩба шықәса зхыҵуа Саид Адлеиба самбо азы Алада Урыстәыла ачемпионат аҿы аиааира игеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит аспортсмен иазыҟаҵаҩ Андреи Погосов. Ачемпионат мҩаԥысит Новороссиск, ԥхынҷкәын 27 рзы.

"Саид хынтә иқәгылараҿ аиааира игеит. Иара Урыстәыла ачемпионат ахь анеира алнаршоит. Саид дықәгылан 90 килограмм иҟоу рыбжьара", - иҳәеит Погосов.

Саид Адлеиба дзиудои самбои рзы Урыстәыла ачемпионатқәа рҟны изныкымкәа аԥхьахә игахьеит, жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа дрылахәхахьеит. Уажәы азыҟаҵаҩыс дыҟоуп.