Аҩыҟаҵаҩ: аԥсуаа рҿы ишаԥу еиԥш ашампан ҩы ажәра ҟалом

"Аԥсны аҩқәеи аӡәқәеи" рҟны аҩыҟаҵаҩ хадас иҟоу Валери Аҩӡба иаҳзеиҭеиҳәеит Аԥсны ашампан-ҩы шыҭрыжьуа атәы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik. Ашықәс ҿыц асимволқәа ируакуп ашампан ҩы. Аԥсны иара ҭрыжьуеит ишьақәыргылоу атрадициақәа ирықәныҟәаны ҳәа иҳәоит "Аԥсны аҩқәеи аӡәқәеи" рҟны аҩыҟаҵаҩ хадас иҟоу Валери Аҩӡба.

"Аԥсны аҩқәеи аӡәқәеи" аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Убри аан иара иазгәеиҭоит аԥсуа еишәачараҟны арыжәтә рацәаны рхы ишадырхәо. Ашампан ҩы акәзар, аҩыҟаҵаҩ иажәақәа рыла 3-4 ҵәыца иреиҳамкәа иужәыр еиӷьуп, избанзар ари аҩы иалоу агазқәа ауаҩытәыҩса ицәеижь иаԥырхагахар алшоит.

Ашәба: аԥсуаа рзы ихадараз аныҳәара акәын, аҵәцақәа рхыԥхьаӡара акәымкәа

"Аԥсуа еишәачараҿ аныҳәаҿақәа рацәоуп, иржәуагьы маҷӡам, аха ашампан ҩы уиаҟара аҽадцалара аҭахым", - ҳәа иҳәоит иара.

Аҩыҟаҵаҩ иазгәеиҭеит аныҳәақәа рыламҭалазы ашампан ҩы рацәаны ицоит аҭирҭақәа рҿы ҳәа, аиҳаракгьы ашықәс ҿыц аныҳәаз.

2017 шықәса рзы аилахәыра 500 000 ԥаҭлыка ашампан ҩы рҭиит. 2018 шықәса рзы иҭрыжьит, иагьырҭихьеит миллионки 200 нызқь ԥаҭлыка.

"54 шықәса аус зуеит абри аусхк аҿы. Асовет аамҭақәа рзы еиҳа ирҭиуаз апортвеин, ауатка ракәын. Уажәы ҳара еиҳа иҭҳажьуеит аҩқәа "Лыхны", "Псоу", "Апсны", ашампан ҩы", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аҩӡба.

Аҩӡба ишиҳәаз ала ҽааназы 1800000 ԥаҭлыка Урыстәыла ирышьҭразы аҿаҵа рзыҟарҵахьеит.

Аԥснытәи ашампан ҩы азы аԥаҭлыкақәа ааргоит Ростовтәи аобласти Нхыҵ Кавкази рҟынтәи, ахҩақәа – Португалиантәи, аетикеткақәа – Москвантәи.