Аҩӡба еиҭеиҳәеит аҳәынҭқарратә биуџьет Жәлар реизараҿы ишрыдыркылоз атәы
© Sputnik
"Абиуџьеҭ агәынамӡара зызцәырнагаз шыҟалазгьы, абжьыҭирахь ианиас, 25 адепутатцәа уи рыдыркылеит, быжьҩык мап ацәыркит. Убриалагьы ирыдыркылеит ихадоу афинанстә документ. Адепутатцәа гәыԥҩык иазгәарҭон, аекономикатә ҭагылазаашьа аҿиаразы, ажәлар рыхныҟәгаразы, иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥҵаразы, иҳамоу абиуџьет шазымхо, ацҵара шаҭаху", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аҩӡба.
Апарламент аҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи абиуџьет
2019 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәгылоит: 9 миллиардк мааҭ инарзынаԥшуа ахашәала ала; 9 миллирдики 841 миллиони инарзынаԥшуа мааҭ ахарџьқәа рыла. Адефицит иартәоит 105 750 000 мааҭ.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.