Апарламент аҿы ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи абиуџьет

© Sputnik Заседание парламента
Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны адепутатцәа ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 28 рзы, изаамҭанытәиу аилатәараҿ Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны адепутатцәа ирыдыркылеит 2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.

Кабинет министров. - Sputnik Аҧсны
Аминистрцәа реилазаараҿы 2019 шықәсазтәи абиуџьет апроект рыдыркылеит

2019 шықәсазтәи Аԥсны ареспубликатә биуџьет апроект адепутатцәа ирыдылгалеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Натали Смырԥҳа.

Лара лажәақәа рыла азакәан апроект изныкымкәа аилак аилатәарақәа рҿы иалацәажәахьан.

Лара илҳәеит аԥхьа абиуџьет анрыдгалаз иазыԥхьагәаҭоу рбаганы ишамаз 7 миллиардки 575 миллион мааҭ ахашәалеи 7 миллиардки 696 миллион мааҭ ахарџьи. Адефицит иартәон 121 миллион мааҭ.

"Абиуџьет апроект ҩымз раԥхьа иҳадгалан. Иуҳәар ауеит есыҽны аилацәажәарақәа мҩаԥаагон ҳәа. Иҟан аимак-аиҿак змаз азҵаарақәа, уи инамаданы аилак абри апроект аганахь ала абжьагажәақәа ҟанаҵеит. Иԥхьаӡан 2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет аԥсахрақәа аҭахуп ҳәа, Ахылаԥшратә палата азгәаҭарақәагьы азхьаԥшра рыҭаны", - ҳәа лҳәоит Смырԥҳа.

2019 шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет шьақәгылоит: 9 735 376 000 мааҭ ахашәала ала; 9 841 127 000 мааҭ ахарџьқәа рыла. Адефицит иартәоит 105 750 000 мааҭ.

"Ареспубликатә биуџьет иартәеит аиҭакрақәа рышьҭахь 7 миллиардки 630 миллиони 239 нызқь мааҭ ахашәалеи 7 миллиардки 730 миллион мааҭ ахарџьи аман. Адефицит иартәон 100 миллионки 750 нызқь мааҭи. Актәи аԥхьарала ирыдыркылаз апроект иаҿырԥшны 60 миллион мааҭ рыла аҽеиҭанакит", - лҳәеит адепутат.

Ареспубликатә биуџьет ахашәала иартәеит– 55 миллион маааҭ, аҭыԥантәи абиуџьетқәа ракәзар, хаҭала Очамчыра араион абиуџьет 5 миллион мааҭ рыла иазҳаит.

"Аҳәынҭқарратә биуџьет аныхратә хәҭа аҽаԥсахит 44 миллион 553 нызқьмааҭ рыла, ареспубликатә биуџьет –34 миллион 553 нызқьмааҭ рыла", - ҳәа азгәалҭеит лара.

Актәи аԥхьарала ирыдыркылаз азакәан апроект аҟны иазыԥхьагәаҭан ахашәала: 9 миллиардки 675 миллиони мааҭ, аныхрақәа - 144 миллион мааҭ рыла еиҳаны. 2018 шықәса иаҿырԥшны аҳәынҭқарра ахашәала 2019 шықәса рзы 174 миллион мааҭ иацлоит, иазыԥхьагәаҭо ахатәы хашәала 56 миллион мааҭ артәоит.

Беслан Эшба - Sputnik Аҧсны
Ешба абиуџьет анагӡара иазкны: адепутатцәа инҭкааны еилдыргароуп

Смырԥҳа дазааҭгылеит абиуџьет аизҳара ҵаҵӷәыс иамоу.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәу акциақәа рыла АУН "Аԥсныбылтәы" ахашәалақәа иаанашьҭуеит 30 миллион мааҭ", - лҳәоит лара.

Уи адагьы Натали Смырԥҳа илҳәеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы шақәшаҳаҭхаз адепутатцәа ражәалагала – Аԥсны аҵакырахь иаларгало атауарқәа рзы илырхуа 20 миллион мааҭ ашәахтә абиуџьет алагалара.

Ашәахтәқәеи егьырҭ ашәарақәеи анымҩаԥнагалак ашьҭахь инхо ахашәалаҟынтәи Риҵатәи амилаҭтә парк 5 миллион мааҭ ашәоит, Очамчыра араион ахадара амуниципалтә хатәтәра амазара аҭира иахылҿиаауа ахашәалагьы 5 миллион мааҭ артәоит.

Аҳәынҭқарратә биуџьет аныхратә хәҭа аҽаԥсахуеит абасала: Апарламент – 4 747 000 мааҭ, Ахылаԥшратә палата – 2 624 000 мааҭ, Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа – 1 565 000 мааҭ, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы аусбарҭа Аппарат– 1 729 000 мааҭ, агәабзиарахьчара аминистрра – 2 500 000 мааҭ, Аԥсуа драмтеатр –2 100 000 мааҭ, Аурыс драмтеатр– 1 100 000 мааҭ, аҳәынҭфилармония – 687 000 мааҭ, "Аԥсуафильм" – миллион мааҭ, Москва имҩаԥысраны иҟоу акинофестиваль азы миллионки 500 нызқь мааҭ, абаҩырҵәыреи аспорти рзы аилак иаиуеит: 9 миллионки 500 000 мааҭ.

Натали Смырԥҳа илҳәеит 500 000 мааҭ шазырхахо ахәыҷтәы хәмарырҭақәа ҩба рыргылареи аолимпиатә спортсменка Саида Гәымԥҳа лбаҟа аргылареи. Аҟәа ақалақь аныхрақәа ирыцлоит 5 миллион мааҭ рыла, Очамчыра араион аныхрақәагьы иара убриаҟара.

Абарҭ арбагақәа инарыдҳәаланы ажәадгала ҟаҵан абиуџьет еиҳатәызарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0