Краснодартәи аҳақьымцәа аԥснытәи ахәыҷы иԥсы еиқәдырхеит

Агәы адассақәа рҭыԥеиҭакра зыциуа шамахамзар иԥсы аиқәырхара залшом. Мызкы ахы аҵыхәа дыԥсыр алшон ҿыц ииз ахәыҷы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 - Sputnik. Ҟәбинатәи аҳақьымцәа ԥшьымш зхыҵуаз ахәыҷы иуникалыз аоперациа изыҟарҵеит, уиалагьы иԥсы еиқәдырхеит ҳәа аанацҳауеит "Российская Газета".

Атәылаҿацәтә клиникатә хәышәтәырҭа № 1 аҿы имҩаԥыргеит аԥҟара, уи алагьы иуҳәар ҟалоит ахәыҷы ишьаныҟәара ҿыцны иаԥырҵеит ҳәа.

"Хә-сааҭк инарзынаԥшуа ахәыҷы аоперациа изыҟарҵон. Уажәы ахәыҷы игәабзиара уацәшәартә иҟам", - иҳәеит Атәылаҿацәтә клиникатә хәышәтәырҭа № 1 аҳақьым Дмитри Андреев.

Ахәыҷы верталиотла Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь днаган. Аҵыхәтәантәи жәохә шықәса рыҩныҵҟа аԥснытәи ахәыҷы аа-нызқьтәи чымазаҩын Краснодартәи акардиологцәа рзы.

Апедиатр хада: аҳақьымцәа разымхара ҳныԥшуеит

Атәылаҿацәтә клиникатә хәышәтәырҭа № 1 аҿы есышықәса быжьшәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа ргәы аоперациа ҟарҵоит.

Ачымазаҩцәа реиҳараҩык (500-ҩык), згәы амалыр амоу рхәышәтәхьеит. Амедикцәа рхы иадырхәоит ҳаамҭазтәи атехнологиақәа. Иахьазы иалшартә иҟоуп еиуеиԥшым аиҭакрақәа реиҭашьақәыргылара.

Уажәы С.В. Очаповски ихьӡ зху Атәылаҿацәтә хәышәтәырҭа Урыстәыла зегь аҟны ахԥатәи аҭыԥ ннакылоит шықәсык зхымҵыц ахәыҷқәа ргәаҿы аоперациа ҟаҵаны аԥсҭазаара разырхынҳәразы.