Арадио

Џьынџьалԥҳа акциа "Уҵаа Бабадуха!" азы: ахәыҷ чымазцәа зыҳәоз аҳамҭа ахыхьгьы ирзыҟарҵон

Агәыҳалалратә фонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит сынтәа акциа "Уҵаа Бабадуха!" шымҩаԥысыз.
Sputnik

"Ауаа ибзианы акциа рхы аладырхәыит. Шьоукы-шьоукы ҳфонда ахь амза 25-нӡа аҳамҭақәа наргеит. Иҟан Урыстәылантәи аҭел иаҳзасуаз. Ҳара ҳфонд убриаҟара агәра ргоит, скартахь аӡәы 40 нызқь мааҭ ааишьҭит, даҽаӡәы 10 нызқь мааҭ. Уи гәахәароуп ас угәра анырго. Ҳара аҳамҭақәа аахәаны афото, авидео  рзаҳашьҭит ацхыраара ҟазҵаз. Дара аҳәара ҟарҵеит аҳамҭа зауа ахәыҷқәа рхаҿсахьақәа дҳарбарц. Еиҳаракгьы ҳгәы шьҭнахуеит ахәыҷқәа зыҳәаз анаҩс ауаа иҵегьы аҳамҭақәа ахьыҟарҵоз. Сынтәа акциа даара ибзианы имҩаԥысит. Ашықәс ҿыц алагамҭазы иуҭахыуп аӡәы дургәырӷьарц, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа ракәзар, урҭ ассир иаҳагьы иазыԥшуп", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.