Арадио

Аҵаа Бабаду: са сзы насыԥ дууп ахәыҷқәа сыгәра ахьырго

Ашықәс ҿыц афырхаҵа хада, Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа зегь реиҳа иззыԥшу, Аҵаа Бабаду арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иазгәеиҭеит ахәыҷы иргәырӷьара иара изы насыԥны ишыҟоу атәы.
Sputnik

"Ахәыҷқәа зегьы гәыкала иазыԥшуп Аҵаа Бабаду иаара, ақәыргыламҭақәа рҿы аума, ахәыҷбаҳчақәа рҟны аума иубоит ахәыҷқәа шаҟа бзиа сырбо. Адуцәагьы Аҵаа Бабаду данырбалак ргәалаҟазаара аҽеиҭанакуеит, рхәыҷраамҭа ргәалашәоит. Насыԥ дууп ахәыҷы Аҵаа Бабаду игәра аниго, уи иргәырӷьара анулшо", — ҳәа азгәеиҭеит Аҵаа Бабаду.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.