"Италиа иаҳа Иаса Қьырса иирамш ауп иазгәарҭо, аха Ашықәс ҿыцгьы ныҳәак аҳасабала иаԥылоит. Ҭаацәала зегьы ҳаиԥылан, аишәа рхианы аныҳәа азгәаҳҭоит. Ара амилаҭтә чыс даара ихаауп, иҟарымҵо акгьы ыҟам. Сара аԥсуа чысхкқәа рҟынтә ара еиҳарак ачашә ауп иҟасҵо, иара зегьы иргәаԥхоит. Ачаԥақәа ҟасҵоит, абысҭа акәзар, уи араҟагьы иҟоуп, уи ҳара ҳаиԥш акәац, ашә адыркылоит", — ҳәа еиҭалҳәеит Сақаниаԥҳа.