Арадио

Ҷанԥҳа: Аԥсны аҿарацәа аҽеилаҳәараҟны ргьама бзиоуп

Амоделиер Мадина Ҷанԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны илҳәеит Аԥсны иқәынхо аҿар аҽеилаҳәараҟны агьама бзиа аадырԥшуеит ҳәа.
Sputnik
Ҷанԥҳа: Аԥсны аҿарацәа аҽеилаҳәараҟны ргьама бзиоуп

"Есыҽнытәи ашәҵатәы усҟак иҿарҵаӡом, еиҳарак ирӡахо џьара изланҭыҵуа аҵкы ԥшӡақәа, акостиумқәа роуп. Еиҳаркгьы амаҭәа аӡахра инеиуа аҿар роуп. Иазгәасҭар сҭахуп Аԥсны иқәынхо аҿар ргьама даара ибзиоуп, рцәа ианаалогьы рдыруеит. Имаҷуп изҵаҳәатәу иалырхша амаҭәа", — лҳәеит Ҷанԥҳа.

Лара убасгьы дырзааҭгылеит сынтәатәи ашықәс азы амода иацклаԥшуа еиҳа аԥыжәара зырҭаша аԥшшәқәа, амаҭәа аӡахышьақәа.