"Ажьырныҳәа 8 рзы ҳазыԥшын ақәбаа-сабаа амшын аҟәара иахьаԥну, аха аҳауатә ҭагылазаашьа аҽаԥсахит, уи зыхҟьазгьы Амшындгьыл аҟынтә иаауа аҳауақәыӷәӷәара лаҟәы аԥхарра аҵоуп, Амшын Еиқәа ианахысуа аԥхарра еиҭа ианаднакылоит, убри аҟнытә амчыбжь анҵәамҭазы амш цәгьахоит, аха ақәоуп илеиуа. Ажьырныҳәа жәаба нахыс амш аҽеиҭанакуеит, 14-15 рзы амш иаҳа асы алеира аҽазнакуеит, аха макьана уи атәы аҳәара цәгьоуп. Иаҳа еилкааны адырра ҳауеит амчыбжь анҵәамҭазы", — ҳәа азгәеиҭеит Цәышәба.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.