Арадио

Џьапуа еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыцаз аҳҭнықалақь аҿы ацхыраара лас аус шауаз

Ашықәс ҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аҟәа ақалақь ацхыраара лас аус шауаз атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьапуа.
Sputnik

"Ашықәс ҿыц ҳанҭалоз аныҳәа иазкны имҩаԥысуаз аусхкқәа зегьы рҿы иаалырҟьаны ацхыраара зҭаххаз ҳәа дыҟам. Ҳмашьынақәа гылан еиуеиԥшым аҳаблақәа рҿы, аныҳәатә хәылԥазқәа ахьымҩаԥысуаз, ауааԥсыра ацхыраара рыҭара ҳазыхиан. Аҭелла ацхыраара иаҳәоз ракәзар, ус еиԥш иҟазгьы ыҟан, ҳусура иааиԥмырҟьаӡакәа ишцац ицон, ааԥхьарақәагьы ыҟан. Еиҳарак иаҳзасуаз зықәрахь инеихьаз ауаа ракәын", — ҳәа азгәеиҭеит Џьапуа.      

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.