Арадио

Ҷаниа 2018-тәи ашықәс аихшьаалақәа ирызкны: аҭынчра зегьы ирыцкуп

Ашәҟәыҩҩы, апоет Терент Ҷаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳаҩсыз 2018-тәи ашықәс аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Sputnik

"25 шықәса раахыс Аԥсны ажәлар нхартә-инҵыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьрымоу уи хҭыс дууп, Қырҭтәыла аганахьала шәарҭара дук ахьыҟам. Ҳтәылақәа рыбжьара уаҳа аибашьра ҟамларцаз Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рзы рминистрра ицәырнагаз аиқәшаҳаҭрақәа ақырҭуа ган иадгылаӡом, аха уи азы Аԥсны иагьацлом иагьагхом. Аԥсны Ахьыԥшымра Урыстәыла иазханаҵеижьҭеи жәашықәса ҵит, ари аныҳәа иаҵанакуа акрааҵуеит, аиқәшаҳаҭрақәа ирыбзоураны ҳажәлар рыбзазара акыр аҽеиҭанакит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷаниа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.