Арадио

Харчлаа: Америка сшынхогьы Аԥснынтә сшааз схасыршҭыр сҭахым

Ҩажәижәаба шықәса Америка инхо Мирон Харчлаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уаҟа Ашықәс ҿыц аныҳәа дшаԥыло атәы.
Sputnik

"Сара Аԥснынтә сшааз схасыршҭыр сҭахым, убри аҟнытә Ашықәс ҿыц араҟа уи аҟара ишазгәарымҭогьы, сара Аԥсны сшаԥылоз еиԥш, саԥылоит аныҳәа. Сҩызцәа ишынҭаацәоу са сахь ааԥхьара рысҭоит. Шьҭа ҩажәа шықәсоуп ус ҳаицаԥылоижьҭеи. Даргьы бзиа ирбоит абас иахьеидыскыло, иҳархио афатәгьы пату рзақәуп.  Асыӡбал ҳчаԥоит, сан илхыз аџьыка азы сҩызцәа еилагоит, аԥсуа џьыка даара бзиа ирбоит", — ҳәа азгәеиҭеит Харчлаа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.