Гәылрыԥшь араион афымцалашаратә цәаҳәақәа еиҭашьақәыргылоуп

Ажьырныҳәа 4, ахәылбыҽха иқәлаз аԥша ӷәӷәа иахҟьаны ааха роуит афымцамч аазгоз ԥшь-цәаҳәак.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 5 — Sputnik. Гәылрыԥшь араион амшцәгьа иахҟьаны ааха зауз афымцалашаратә цәаҳәақәа еиҭашьақәыргылоуп, абри атәы адырра ҟанаҵеит "Амшынеиқәафымцамч".

"Аԥшацәгьа иахҟьаны 1200 метра афымцатә цәаҳәа ааха ӷәӷәа аиуит. Уажәазы иԥсахуп афымцамч аазго ацәаҳәақәа. Ауааԥсыра лашарала еиқәыршәоуп", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура аҳәамҭаҟны.

Ажьырныҳәа 4, ахәылбыҽха иқәлаз аԥша ӷәӷәа иахҟьаны ааха роуит афымцамч аазгоз ԥшь-цәаҳәак. Фымца лашарада иаанханы иҟан Гәылрыԥшь араион иаҵанакуа аҳаблақәа Каштаки, Баӷмарани.