Арадио

Кәыҵниа: аԥсуа мультфильмқәа рыда ахәыҷқәа рбызшәа агьама дыркра уадаҩуп

Асахьаҭыхыҩ, аниматор Асҭамыр Кәыҵниа арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит аԥсуа мультфильмқәа акыр иаҭахны ишыҟоу иахьа ахәыҷқәа рбызшәа агәыбылра дыркразы.
Sputnik
Кәыҵниа: аԥсуа мультфильмқәа рыда ахәыҷқәа рбызшәа агьама дыркра уадаҩуп

"Аԥсуа арҵагатә мультфильмқәа аҭахны иҟоуп. Аԥсуа бызшәа арҿиаразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны ирыдызгалахьеит апроектқәа ҩба. Урҭ руак — аԥсуа анимациатә студиа аартраҟны ацхыраара сырҭарц, аҩбатәи — арҵагатә мультфильмқәа рыҟаҵара. Ааԥхьара сырҭеит амультфильм сериалк аҳасабала аҟаҵаразы. Жәа-сериак рҭахын, еиҳангьы иҟалон, аха иақәнагаз ахарџь ыҟамызт, хә-сериак наҳагӡеит, аџьабаагьы рацәаны иадаҳбалеит", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иара иазгәеиҭеит иахьа аԥсуа мультипликациа ыҟамкәа ахәыҷқәа рхатәы бызшәа агьама дыркра шыуадаҩу. Уи азы ишхымԥадатәиу астудиа аиҿкаара.

Аицәажәара иаҳа инарҭбааны арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны ишәаҳар шәылшоит.