Аб Никита: Қьырса иирамш аҽны аишәа аргылара ииашам
© Sputnik
"Қьырса аҽны аԥсцәа рзы аишәа аргылара иашаӡам. Анцәа иԥа даҳзааишьҭит ҳаҟьашьрақәа иара ихахьы игарцаз. Ауаҩы даныԥслак, наунагӡатәи аԥсҭазаара иоуеит, деиҭеиуеит адоуҳатә ԥсҭазаарахь. Ҳазшаз ауаа џьанаҭ ианҭица аимадара рцәыӡит, доусы ииҭаху ҟаиҵо далагеит, убри ауп иԥагьы дзааишьҭыз, аԥсҿыхра ҟаларцаз, ҳагәнаҳарақәа зегьы иара ихахьы игеит. Аӡы иӡааху ауаҩы, ауахәамахь иныҟәо, абарҭ аныҳәақәа азгәеиҭоит, даныԥсалакгьы, жәҩангәашәԥхьара иманы дҟалоит", — ҳәа азгәеиҭеит Аб Никита.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.