Арадио

Аҩӡԥҳа-Рудат: Қьырсазы аԥсуа чашәи арашы сызбали ыҟамзар ауам ҳнемец ҭаацәараҟны

Берлин 30 шықәса инацны инхо ҳтәылауаҩ Виолетта Аҩӡԥҳа-Рудат арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыц аныҳәамшқәа раан лҭаацәараҟны иҟалҵо ачыс хкқәа ртәы.
Sputnik

Германиа инхо хадаратәла иазгәарҭо Қьырса ныҳәа ауп, дара рҟны аныҳәамшқәа ԥхынҷкәын 24 инаркны иалагоит.

"Сара исцәыуадаҩуп абарҭ аныҳәақәа Аԥсны ҳара ҳҟны ԥыҭк инаскьаганы иахьыҟоу, арҭ ртәы иааскьаганы иахьыҟоу. Аха зегьы азгәаҳҭоит. Қырса ныҳәа аныҟоу сыԥшәма иоума, ахәыҷқәа роума  арашы сызбал, ачашә ҟаумҵар игәаауеит. Иара убас аҟыз, мамзар акәата ыҟамзар ҟалом. Сара стәы бзиа иахьырбо азы дара рҟны иаԥу афатәгьы ҟасҵоит. Ҳара — немец ҭаацәароуп, убри аҟынтә аишәаҟны аԥсуаагьы анемеццәагьы рчыс есышықәса еицықәуп. Дара анемеццәа анысҭаауа, сыԥшәма иашьцәа ракәзар исыҳәоит иҟаҵа ҳәа. Аԥсаӡ ҵла акәзар ажьырныҳәа 14-нӡа иқәызгаӡом, аԥсуаа ҳныҳәа аиаанӡа игылоуп", —  лҳәеит Аҩӡԥҳа-Рудат.