Наира Гәынԥҳа Роман Аргәын изкны: абык иеиҧш даҳзыҟан, иуаҩра ҳаракын

Ажьырныҳәа 7 рзы 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит "Акьыԥхь аҩны" адиректор, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Роман Аргәын.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ахьӡ-Аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу, Аҳәынҭқарратә наплакы "Акьыҧхь аҩны" адиректор хада Аргәын Роман Џьыгрыц-иҧа, Аҧсны аполиграфиа аус аҟны раҧхьатәи апрофессионалцәа дыруаӡәкын. Украинатәи аполиграфиатә институт даналга, аусура далагеит Аҟәатәи атипографиаҿы анџьныр-технологс, 1983 шықәса инаркны еиҳабыс дыҟан. 45 шықәса инареиҳан Роман Џьыгрыц-иҧа бзиа иибоз аус амаҵ азиуеижьҭеи. Аполиграфист, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, акультура зҽалызкааз аусзуҩ Роман Аргәын акыр илша рацәоуп Аҳәынҭқарратә полиграфиатә наплакы аҿиареи, аиҭашьақәыргылареи рус аҿы. Инапы злакыз аус гәцаракрыла, ҭакҧхықәрала дазнеиуан, аус ицызуаз хаҭа-хаҭала патуқәҵарылаа дырзыҟан, еиликаауан, иуаҩреи иламыси ҳаракын. Даара гәалсрыла ирыдыркылеит Роман Џьыгрыц-иҧа иҧсҭазаара иалҵра иара дыздыруаз, аус ицызуаз зегьы.

"1994 шықәса инаркны аус еицаҳуан Роман Џьыгрыц-иҧеи сареи. Убас даҳзааигәан абри ауаҩ, аҩбатәи абыс дҳаҧхьаӡон. Напхгаҩык иаҳасабала, иара уаҩышьала еиҧш зеиҧшу маҷҩызар ҟалап. Маӡак ҳамазар иаҳҳәон, деиҳаб бзиан. Аус ахьызухьоу ыҟоуп џьарак-ҩыџьара, аха иара идыскыло уаҩ дсымам еиҳабык, напхгаҩык, аҧсыуак иаҳасабала", — лылаӷырӡқәа дыдмырцәажәо дҳацәажәон аполиграфист Наира Гәынҧҳа.

Аҧснытәи ашәҟәҭыжьырҭа аибашьра ашьҭахь аҭагылазаашьа акыр иуадаҩын, ҳаамҭа иақәшәоз амыругақәа рыла еиқәыршәатәын, аусуцәа еидкылатәын, ажәакала ишахәҭоу еиҧш аус утәын. Убарҭ ауадаҩрақәа раҧырҟәҟәаара, аҭагылазаашьа аиӷьтәра еснагь хықәкы хадас иман аиҳабы.

"Инапы иҵимгоз, илаҧш зхыимгоз акы ыҟамызт Роман Џьыгрыц-иҧа. Иара иакәын ацехқәа ирыҩназ, зегьы еиҿызкаауаз. Ашьыжь ҳанааилак, азҵаарақәа иҳаиҭараны иҟаз, иара аҭак ҟаҵаны иҳаиҳәон. Иус дазҟазан, иуаҩра ҳаракын, даамсҭашәан, дгәыбылҩын, дҳалалын. 1989 шықәса рзы Львовтәи аполиграфиатә институт санҭалоз, исҳәарц сылшоит иара абри аколлектив азоуп аполиграфиахь сызцаз ҳәа. Избанзар уа аус руан сҭынхацәа, урҭ ражәақәа рыла издыруан закәытә еилазаараз, закәытә уааз аус зуаз. Иахьагьы иамаз ахьӡ-аҧша амоуп, зегь раҧхьа иргыланы ҳаиҳабы ибзоураны", — ҳәа азгәалҭоит Наира Гәынҧҳа.

Ауалафахәы ироуаз ахьмаҷыз иахәамҧшыкәа, "Акьыҧхь аҩны"аусзуцәа рхы иамеигӡакәа аус руан, акультура амаҵ азыруан. Хымҧада, дара изларҳәо ала, уи аҟны акыр ихыҧша ыҟан реиҳабы. Патуеиқәҵарыла еизныҟәон, ҭаацәарак еиҧш еизыҟан, раҧсуара еиднакылон.

Роман Џьыгрыц-иҧа Аргәын иуаажәлари иҳәынҭқарреи рҿаҧхьа аҧсуа культура аизҳазыӷьараҿы акыр илша рацәан, иҟаиҵашаз еиҳагьы еиҳан. Аха ус ицныҟәеит илахьынҵа. Иара иҭынхеит аҭаацәара ҧшӡа, ҩыџьа ихшара, имоҭацәа. Иҭынхеит агәалашәара лаша, ахьӡ ҳаракы, даҽакы иузаламырҩашьо иуаҩра.

Роман Џьыгрыц-иԥа Аргәын диит Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭан, нанҳәамза 6, 1947 шықәса рзы. Аҟәатәи ашкол-интернат доушьҭымҭоуп.