"Австралиа иазгәарҭо Иаса Қьырса иирамш ауп, Аԥсны Ашықәс ҿыц шазгәарҭо еиԥш ауп ҳаҽшазыҟахҵо. Зыгьы ҭаацәала ҳаизоит, аҳамҭақәа еимаҳдоит. Сыԥшәма хҩык аишьцәа имоуп, дара зегьы ибзианы еибабоит, аныҳәагьы есышықәса еиҭныԥсахло доусы иҩнаҭаҿы ҳаԥылоит. Сынтәа сабхәында еиҳабы иҿы иазгәаҳҭеит. Быжьшықәса ҵуеит ара сынхоижьҭеи, ҩыџьа ахәыҷқәа сымоуп. Раԥхьатәи ашықәс азы арахь нхара саниас даара исцәыцәгьан, сҭаацәа гәхьаазгон, аха аамҭа цацыԥхьаӡа сашьцылеит. Араҟа исырҳаз аҩызцәа Аԥсны даара иазҿлымҳауп", — ҳәа азгәалҭеит Бениаԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.