Арадио

Табаӷәуа адунеитә политиказы: џьара ианыцәгьарахо зегь раԥхьа "зхы иасуа" ҳауп

Аԥсны Жәлар реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа арадио Sputnik аефир аҟны адунеижәларбжьаратә политика далацәажәо иҳәеит адунеиаҿы Урыстәыла иааннакыло аҭыԥ Аԥсны акыр ишаныруа.
Sputnik

"Џьара ианыцәгьахалак, ҳара зегь раԥхьа зхы иасуа ҳакәхоит, избанзар Урыстәылеи ҳареи ҳшеидҳәалоу жәдыруеит, дара ршьа-рда иалсны иаауа ҳалаланы ицоит. Урыстәыла адунеи аҟны ауадаҩрақәа анаиулак, ҳара иаҳхьымсыр ауам, еиҳаркгьы аекономика аганахьала. Иахьа адунеи аҟны аибашьра цоит, аҳәынҭқарра дуқәа еиҿагылоуп", — ҳәа азгәеиҭеит Табаӷәуа.

Иара убасгьы иҳәеит рацәак рыгәра шыимго Урыстәылеи Тырқәтәылеи реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аицәажәара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.