Арадио

Ҷаниа: Роман Аргәын иоуп аибашьра ашьҭахь атипографиа ахы зкыз

Ашәҟәыҩҩы Терент Ҷаниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы зыдунеи зыԥсахыз Роман Аргәын дигәаларшәауа иазгәеиҭеит, иара ибзоураны шакәу аибашьра ашьҭахь Аԥсны атипографиа аусура ишалагаз.
Sputnik

"Аибашьра ашьҭахь иара иаразнак иҟәыбаса еилажьыз атипографиа ашьақәыргылара далагеит. Иара аибашьра анцозгьы иабџьар нышьҭаҵаны атипографиаҿы дымнеикәа иуамызт. Уа иҭрыжьуан агазеҭқәа, аброшиурақәа, Аԥсны иҟаз аҵабырг адунеи иахдырҵәон. Аибашьра ашьҭахь акәзар, зегьы еизганы ҿыц аусура иалаиргеит. Иара иоуп раԥхьаӡа ахы зкызгьы. Иара ианкәызаалакгьы, шәҟәык ҭижьуазаргьы, ахы инаркны аҵыхәанӡа даԥхьон, игәаанагара автор иеиҳәон, убысҟак аԥсуа литература бзиа ибон. Иара иҟазшьагьы даара ибзиан", — ҳәа дигәалиршәеит Ҷаниа.

Ажьырныҳәа 7 рзы 72 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит "Акьыԥхь аҩны" адиректор, аорден "Ахьӡ-Аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Роман Аргәын.