Аҳазалхыҩцәа ацха аконтрабандеи амаҵзурауаҩ аҵарҭыша иҭареи аԥдырҟәҟәааит

Аныҳәамшқәа раан Ԥсоу аҳәааҿы игыло аҳазалхыҩцәа ацха аконтрабандеи аамҵзурауаҩ аҵарҭыша иҭареи аԥдырҟәҟәааит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 - Sputnik. Урыстәыла аҵакырахь закәаншьаҭада амандарина зҭаз акаробкақәа рҿы амандарина аҵаҟа ацха аҵаҵәахны алагалара аԥырҟәҟәаан агәаҭара-аушьҭырҭатә пункт "Адлер" аҿы.

Аминивен "Тойота Альфард" аҿы аҳәаахьчаҩцәа амандаринақәа рыҵаҟа ацха шаҵаҵәахыз рбеит.

Анаркотикқәа аҳәаа ахыгаразы иаанкылаз Аԥсны атәылауаҩ жәа-шықәса иқәырҵеит

Автомобиль азеиԥш цәаҳәа аҟынтәи ирылган агәаҭаратә ҭыԥ ахь ииаган. Иагьышьақәыргылан 350 литра ацха зҭаз 250 банка амандаринақәа ишрыҵаҵәахыз.

Аконтрабандатә еидара аҳазалхыҩцәа ирыҭан, аидара аиагаҩ иганахь ала апроцессуалтә ӡбара рыдыркылараны иҟоуп.

Уи адагьы, Ашықәс ҿыц аламҭалаз 63-шықәса ирҭагылоу Аԥсны атәылауаҩ аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" ахь днеиит автомобиль ГАЗ-22 ала. Автомашьына асалон аҿы 14 џьма ҭакын. Аҳәаахьчаҩцәа автомашьына агәаҭарахь инагатәуп ҳәа анидырҵа иара иӡбеит азҵаара ҵарҭышашәарала аҭыԥ иқәиҵарц.

Ахаҵа адырра иҭан амаҵзурауаҩ аҵарҭыша идгалара шьаус цәгьоураны ишшьо. Ахаҵа аԥсуа-аурыс ҳәаа дахыжьын.