Ансамбль "Иаирума" ахореографиатә конкурс аҟны аԥхьахә ранашьахеит

Ахореографиатә ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "Рождественская магия" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 6 - 9 рзы, Дагомыс.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9– Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ахәыҷтәы ансамбль "Иаирума" ахореографиатә ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "Рождественская магия" актәи аҩаӡара аԥхьахә иалауреатцәахеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Вахтанг Возба.

"Аноминациа "Жәлар рыкәашара" аҟны ҳара инаҳагӡеит акәашарақәа ҩба. Агала-концерт ахь ҳнеит. Иагьҳанашьахеит актәи аҩаӡара аԥхьахә", - ҳәа еиҭеиҳәоит Возба.

Ахореографиатә ҟазара жәларбжьаратәи аконкурс "Рождественская магия" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 6 - 9 рзы, Дагомыс. Иара иалахәын 20 рҟынӡа Урыстәыла арегионқәа рҟынтәии Аԥснытәии аколлективқәа.