Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҿы "Каданс" аиааира агеит

Ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи рҟазараз Жәларбжьаратәи афестиваль "Будущее планеты" мҩаԥысит Санкт-Петербург, ажьырныҳәа 4 - 9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 9 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ансамбль "Каданс" аестрада-џьазтә коллектив "Jazz from Kadans" ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи рҟазараз Жәларбжьаратәи афестиваль "Будущее планеты" аҿы актәи аҩаӡара аԥхьахә иалауреатцәахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Алик Алавердиан.

Санкт-Петербург имҩаԥысуаз афестиваль аҿы "Каданс" аиааира агеит

Аконкурстә программаз амузыкантцәа иаздырхиеит урыстәылатәии аҳәаанырцәтәии ашәақәа. Аконкурс алахәылацәа рҟазара ахә ршьон Санкт-Петербургтәи акультура аҳәынҭқарратә институт арҵаҩцәа.

"Каданс" Санкт-Петербург "Аиааирагаҩцәа реицлабра" иалахәхоит

"Аконкурс алахәылацәа рыбжьара ажәабжьқәа ирласны еимдырҟьоит. Ҳартистцәа аԥхьахә аиураз ианнеиуаз зегьы ирдыруан ҳахьатәыз, ҳазусҭцәаз", - ҳәа еиҭеиҳәоит Алавердиан.

Питертәи аконкурс ахь иҟан "Каданс" аҩбатәи аилазаарагь. Урҭ аноминациа "Вокально-инструментальный ансамбль" аҟны аԥхьахә аҩбатәи аҩаӡара ранашьахеит. Ашәаҳәаҩ Мариетта Топчиан аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит аноминациа "Эстрадный вокал. Соло" аҟны.

Анапхгаҩ иажәақәа рыла ансамбль алахәылацәа реиҳараҩык раԥхьаӡа акәны атәыла анҭыҵ иқәгылеит.

""Каданс" хәышықәса ахыҵра иазкыз аконцерти уаанӡатәи ҳҽазыҟаҵарақәеи акыр ацхыраара руит. Сара даара сеигәырӷьоит иҳамоу алҵшәақәа, аамҭа рацәак мгакәа аҩбатәи аилазаара аиҿкаара ахьҳалшаз", - иҳәеит иара.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшқәеи рҟазараз Жәларбжьаратәи афестиваль "Будущее планеты" мҩаԥысит Санкт-Петербург, ажьырныҳәа 4 - 9 рзы. Иара мҩаԥыргоит 2007 шықәса раахыс.

2019 шықәса рзы афестиваль рхы аладырхәит Урыстәыла ақалақьқәа, европатәи атәылақәа, Индиа, Китаи, Африка рҟынтәи ашәаҳәаҩцәеи акәашацәеи.