Аҩада Ешыра ақыҭан АҶА аиқәырхаҩцәа амашьына асы илыргеит

АҶА апульт ахь авариа ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит ажьырныҳәа 9 асааҭ 22:30 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Автомашьына "Nissan Patrol" апассаџьырцәа ҩыџьа Аҩада Ешыра ақыҭан ажьырныҳәа 9 рзы асы илахеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзураҿы.

АҶА апульт ахь авариа ҟалеит ҳәа адырра ҟалеит ажьырныҳәа 9 асааҭ 22:30 рзы. Аҭыԥ ахь ихалеит АҶА ацхырааҩцәа рбригада. Дара ирылшеит амашьына асы алгара. Ауаа Аҟәаҟа рылбаашьҭра.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ Мизан Ломиа иажәақәа рыла иҟалаз еиԥшу ахҭысқәа зыхҟьо Аԥсны шамахамзар аӡынтәи арныҟәгагақәа (резина_аред.) рхы иахьадмырхәо ауп.