Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит аԥсшьаратә мшқәеи аусуратә мшқәеи

2019 шықәса рзы Аԥсны 246 усуратә мши 119 ԥсшьара мши ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 10 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит ажьырныҳәамзазы аԥсшьаратә мшқәеи аусуратә мшқәеи. Убри инақәыршәаны ажьырныҳәа 12, асабша ареспубликаҿы иусуратә мшуп. Абри атәы Sputnik иазаанацҳаит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Аминистрцәа реилазаара ақәҵара инақәыршәаны ахәаша, ажьырныҳәа 4 аусуратә мшы ииагоуп асабша, ажьырныҳәа 12 ахь. Ашәахьа, ажьырныҳәа 14 ԥсшьарамшуп.

2019 шықәса рзы Аԥсны 246 усуратә мши 119 ԥсшьара мши ҟалоит.