Арадио

Ҷыҭанаа еиҭеиҳәеит акамшьиа акразы агәаҭарақәа шцо

Аԥсны аԥсабара ахьчаразы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Амшын Еиқәа аҟны аԥсыӡкра шцо атәы.
Sputnik

"Акомитет аҿы иаԥҵаны иҳамоуп аштаб, уи хылаԥшра анаҭоит аԥсыӡкра шцо, шаҟа ркыз, аҳәынҭқарра иацәыҵәаху ыҟоума, абри азы аинформациа зегьы аштаб аҿы еизоит. Аԥсыӡ зларкуа акаҭа ашәагазагақәа убыс иҟоуп, шықәсык зхыҵуа аԥсыӡ уа иҭахаӡом, иалҵәрааны ицоит, иара ахамса (акамшьиа — аред.) адагьы даҽа ԥсыӡк узкӡом. Аԥсыӡ бзиақәа уи акаҭа алашәашьа рымаӡам, дара амшын аҵан ауп иахьыҟоу, ахамса зкуа рыкаҭала амшынӡы абжьара аҟынтә ауп аԥсыӡ ахьҭырго, убри аҟнытә уи аҿашәашьа рымаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.