Аԥсны аԥсшьаразы асасааирҭақәа рыхәԥса 2018 шықәсазы ишыҟаз еиԥш иаанхоит

2019 шықәса рзы Аԥсны аԥсшьараз асасааирҭақәа рҿы ахәԥсақәа 5-10% рҟынӡа ацлар алшоит ҳәа аанацҳауеит "Атуризм азы Аԥснытәи аидгыла".
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik. 2019 шықәсазы аԥсшьаразы асасааирҭақәа рыхәԥсақәа шамахамзар 2018 шықәсазы ишыҟаз еиԥш иаанхоит. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭалҳәеит "Атуризм азы Аԥснытәи аидгыла" адиректор Анна Калиагина.

Аршба: Ашықәс ҿыцаз Аԥсны иаҭааз асасцәа рхыԥхьаӡара уеигәырӷьартә иҟоуп

"Иҟоуп зыхәԥсақәа шьҭызхызгьы, аха урҭ шамахамзар аԥсшьаҩцәа радыԥхьаларазы ҵыԥхь илаҟәны ишьақәгылан. Ахәԥсақәа рацәаны ихалеит ҳәа узҳәом, 5-10% рҟынӡоуп иахьхагало", - ҳәа лҳәеит Калиагина.

Ҵыԥх асасааирҭақәа рҿы ахәԥсақәа 500 мааҭ рҟынӡа еиҵахазар, сынтәа 100-200 мааҭ иацлоит.

"Аобиект дуқәа рҿы 2018 шықәса рзы аномерқәа 2800 мааҭ рҟынӡа рыхәԥсақәа тәозар, 2019 шықәса рзы 3500 мааҭ рҿы итәоит. Ҳотелиерцәа ибзианы еилыркаауеит аконкуренциа шыҟоу. Убри инадҳәаланы ахәԥса ахагаларагьы иацәшәоит", - лҳәоит Калиагина.

Лара илҳәеит Аԥсны аконкуренциа шарҭо Ҭырқәтәыла, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Қырҭтәыла уҳәа егьырҭ атәылақәагьы.

Анна Калиагина еиҭалҳәеит заанаҵтәи аҿаҵара мҩаԥызго аиҳарак аоператор дуқәа шракәу. Заанаҵтәи аҿаҵара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа инаркны мшаԥымзазынӡа.

Асасааирҭақәа заҟа заанаҵы аҭира иалаго аҟара асезон бзианы ишымҩаԥысуа рбартә иҟалоит, избанзар хәажәкырамзанӡа асасааирҭа 50-60% рҟынӡа ишыҭәуа анудыруа. Уаԥхьаҟа уацәшәаӡом ҳәа лҳәоит Калиагина.

Араҟа ишәарҭаны иҟоу акызаҵәык ауп: аҿаҵаҩы мап икыр. Аха убри аангьы аиқәышаҳаҭраҿы мапкразы асанкциақәа ирылацәажәоуп.

"Атуристцәа рзы акәзар, заанаҵтәи аҿаҵара алҵшәа амоуп. Дара ишырҭаху еиԥш ҭынчрала асасааирҭа алырхыр рылшоит. Аномерқәа ҭацәуп, ахәԥса асезон аан аасҭа еиҵоуп", - ҳәа лҳәоит Калиагина.

Анна Калиагина еиҭалҳәоит сынтәатәи аӡынразы Аԥсны уаанӡа аасҭа аԥсшьаҩцәа шырацәаз. Ишырацәаҩыз уаанӡа Аԥсны имаацызгьы.

"Атуристцәа здызкылоз аԥсшьарҭақәа зегь ҭәын. Анаплакыҩцәа атурқәа еиҿыркаауан. Ашықәс акыр аоптимизм аҵаны иалагеит. Ҳгәыӷуеит ашықәс зегьы акыр иманшәалахап ҳәа", - еиҭалҳәоит Калиагина.

Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳнаплакыҩцәа еиҳа-еиҳа еилыркаауа иалагоит атуристцәа зхаҭабзиара ҳараку амаҵзурақәа шрыҭалатәу.