Париж иҟалаз аԥжәара иахҟьаны ҩеижәаҩык рҟынӡа аахақәа роуит

Париж ақалақь агәҭа ажьырныҳәа 12 рзы аԥжәара ҟалеит. Иара мзызны иаиуз агаз аԥжәароуп ҳәа азгәаҭоуп заанаҵтәи адырраҭарақәа рҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. 20-ҩык инарзынаԥшуа аахақәа роуит Париж ақалақь агәҭа ажьырныҳәа 12 рзы аԥжәара иҟалаз иахырҟьаны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Париж агәҭа аԥжәара ҟалеит

Асабша, ажьырныҳәа 12 рзы амҩадуқәа Тревизи Сент-Сесили реихысырҭаҿы аԥжәара ҟалеит. Аҩны амца акит, агәыларатә хыбрақәа рҿы асаркьақәа ҭыҟьҟьеит. Иҟоуп ааха зауз ауаа. Аҭыԥ аҿы аиқәырхаратә маҵзурақәа аус руеит.

Иара мзызны иаиуз агаз аԥжәароуп ҳәа азгәаҭоуп заанаҵтәи адырраҭарақәа рҿы.

Франциа аԥыза-министр Едуар Филиппи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Кристоф Кастанери ахҭыс ахьыҟалаз инеиит.