Вашингтон Мадуро имчра мап ацәнакуеит

Венесуела ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара мҩаԥысит ажьырныҳәа 10 рзы Каракас ақалақь аҿы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. ЕАА ахада амилаҭтә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Џьон Болтон аҳәамҭа ҟаиҵеит Вашингтон Николас Мадуро Венесуела имчра азханаҵом ҳәа. Иара иазгәеиҭеит убри азы иахәҭаны иҟоу аныррақәа зегь ахархәара шрыҭахо. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла ААР: ЕАА Венесуела ахьыԥшымра ақәыххра аҽазнашәоит

"Мадуро ирежим азакәан шьаҭа аманы иҳаԥхьаӡом. Ҳара ҳхы иаҳархәоит Венесуела адемократиа ашьақәыргыларазы аекономикатәи адипломатиатәи қәыӷәӷәара", - ҳәа азгәеиҭоит Болтон.

Мадуро ирежим шазхарымҵо атәы рҳәахьеит Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаареи алатынамерикатәи агәыԥ "Группа Лимы" (Мексика аалхны).

Николас Мадуро официалла атәыла ахада иҳасабала аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит ажьырныҳәа 10 рзы, Каракас.