АҞӘА, ажьырныҳәа 11 - Sputnik. ЕАА Венесуела альтернативтә еиҳабыратә структурақәа реиҿкаара ахьагәҭаку атәыла асуверинитет ԥырхага азурроуп иаанаго ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла ААР аҿы.
Уаанӡа ЕАА аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Маик Помпеои Венесуела аоппозициатә Амилаҭтә ассамблеиа ахантәаҩы Хуан Гуаидои ҭелла иалацәажәеит атәылаҿ иҟоу аҭагылазаашьа. Амилаҭтә ассамблеиа иахьатәи аамҭазы атәыла аполитикатә ԥсҭазаара иалхуп. Иара ацынхәрас Венесуела ахада Николас Мадуро аиҳабыра рнапаҵаҟа иҟоу Амилаҭтә шьаҭаркратә еизара ааԥхьара аиҭеит.
"ЕАА Венесуела альтернативтә еиҳабыратә структурақәа реиҿкаара ахьагәҭаку атәыла асуверинитет ԥырхага азурроуп иаанаго. Асеиԥш ахымҩаԥгара атәылаҿ асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аруадаҩуеит, ауааԥсыра анырра ӷәӷәа рнаҭоит", - ҳәа рҳәоит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Венесуела ахада Николас Мадуро аԥшьашаҽны аҭоубашьҭаҵара мҩаԥигеит 2019–2025 шықәсқәа рзы Венесуела ахадак иҳасаб ала. Америкатәи аҳәынҭқаррақәа реиҿкаара Мадуро изинмчра азхарымҵеит, Парагваи акәзар адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааннакылеит. Уаанӡа алатиноамерикатәи агәыԥ "Группы Лимы", Мексика аалхны, аҳәамҭа ҟарҵахьан Мадуро дшазхарымҵо азы. Абри аҩыза апозициа аанакылоит Еиду Аштатқәагьы.
Венесуела алхрақәа мҩаԥысит лаҵара 20 рзы. Мадуро изы рыбжьы рҭиит 6,2 милионҩык алхыҩцәа.