Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭызхыр зҭахыз рзы иаԥҵаз аԥҟарақәа ртәы

Ажьырныҳәа иацу акәамаҵамарақәа, уи аҵагылара азин змази атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба.
Sputnik
Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭызхыр зҭахыз рзы иаԥҵаз аԥҟарақәа ртәы

"Ажьира шьҭрала иаауеит, уи иатәым игәаԥханы ишьҭыхыр иҭахызар, аныхаԥааҩ дыҟоуп иныҳәо, ажьира иахагылоу, уи амаҵ зуа. Дхаҵамзар, ԥҳәыск уахь анеира азин лымам, ианамуӡах аԥҳәыс цқьа анеира азин лыман. Ажьира ашьҭыхра зҭахыз ҩынҩажәа мшы дыҟазар акәын ажьи иҿы, уи амаҵаԥа ихьӡын. Ажьи иааиҳәо ҟаиҵон. Иикуа- иишьҭуа, хыччарак амамкәа ажьи дидгылазҭгьы, ихы дақәиҭтәны дныҳәаны, ибӷа инапы нкыдшьыланы ацәашьы инаркны иахьа рнахыс уақәиҭуп ҳәа иаиҳәон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.