Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭызхыр зҭахыз рзы иаԥҵаз аԥҟарақәа ртәы

© Sputnik / Томас Тхайцукафольклорист Арда Ашәба.
афольклорист Арда Ашәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа иацу акәамаҵамарақәа, уи аҵагылара азин змази атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба.
Ашәба еиҭеиҳәеит ажьира шьҭызхыр зҭахыз рзы иаԥҵаз аԥҟаррақәа ртәы

"Ажьира шьҭрала иаауеит, уи иатәым игәаԥханы ишьҭыхыр иҭахызар, аныхаԥааҩ дыҟоуп иныҳәо, ажьира иахагылоу, уи амаҵ зуа. Дхаҵамзар, ԥҳәыск уахь анеира азин лымам, ианамуӡах аԥҳәыс цқьа анеира азин лыман. Ажьира ашьҭыхра зҭахыз ҩынҩажәа мшы дыҟазар акәын ажьи иҿы, уи амаҵаԥа ихьӡын. Ажьи иааиҳәо ҟаиҵон. Иикуа- иишьҭуа, хыччарак амамкәа ажьи дидгылазҭгьы, ихы дақәиҭтәны дныҳәаны, ибӷа инапы нкыдшьыланы ацәашьы инаркны иахьа рнахыс уақәиҭуп ҳәа иаиҳәон", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәба 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0