Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Жәлар реизарахь инарышьҭуа аԥшьгамҭа зызку

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Жәлар реизара ашҟа ашәҟәы нарышьҭраны ишыҟоу аусбарҭахь иасны арыцҳара ҟалеит ҳәа амц зҳәо аҭакԥхықәра рақәыршәара иазку.
Sputnik
Кәыҵниа еиҭеиҳәеит Жәлар реизарахь инарышьҭуа аԥшьгамҭа зызку

Ас еиԥш аԥшьгамҭа зыхҟьо ашықәс иалагӡаны аусбарҭахь хыԥхьаӡара рацәала амцҳәаҩцәа ахьасуа ауп. Еиҳаракгьы урҭ ахәыҷқәа роуп. Аха  аиқәырхаҩцәа иарбан дырразаалак ақәҿырҭыр ауп.

"Ари уажәаԥхьагьы иӡбатәу зҵааран, избанзар адырра анҳаулак имцу иҵабаргу ҳаздырӡом, иаҳуалуп ацара, аха иамоу ахарџь шәдыруеит, убасгьы аамҭа рацәа агоит. Аинформациа аилкаара ҳаналагалак, еилкаахоит ахәыҷқәа шраку, иара адуцәагьы анасуа убап. Урҭ хараԥсак рыдымҵаӡакәа ианаанхалак иаҳагьы иацлоит. Ашьха ицо ауааԥсыра рганахьалагьы иаҳҭахуп адҵа ҟаҳҵарц. Дара иаанрыжьлароуп адырра, рымҩа аххьоу, анаҩс ианаҭахха иаҳа ирлас ацхыраара роурцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.    

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.