Арадио

Џьопуаԥҳа Барӷьаԥтәи ашкол аҟны абызшәа аҵаразы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны

Гал араион Аладатәи Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Аида Џьопуаԥҳа Аԥсны аҵара министрра ақыҭа школқәа иреиӷьу рырҵаҩцәа ҳәа иалнакааз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп. Арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеи Аладатәи Барӷьаԥтәи ашкол аҿы аҵара процесс шцо.
Sputnik
Џьопуаԥҳа Барӷьаԥтәи ашкол аҟны абызшәа аҵаразы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны

"Ҳашкол аҟны аԥсуа бызшәа дырҵара иалагеижьҭеи уамак ҵуам. Избан акәзар, дыҟамызт аԥсшәа дзырҵоз аспециалист, ахәыҷқәа азыҟалҵон ақыҭаҿы инхоз абызшәа здыруаз аԥҳәыс. Ахәыҷқәа абызшәа ишахәҭоу еиԥш ирҵарцаз иҟоу аԥынгылақәа рацәоуп, уи имариоу усым. Аурыс бызшәа даара ихьысҳаны ирдыруеит. Актәи акласс инаркны абжьбатәи аҟынӡа аҵара процесс урысшәала имҩаԥысуеит. Егьырҭ аклассқәа макьана ақырҭуа секторуп. Араҟа аԥсуа бызшәа аҵара иалагоит аҩбатәи акласс инаркны, иаҳҭахуп ари аҭагылазаашьа ԥсахзарц. Абызшәазы алексикатә урокқәа хацырктәуп ахәыҷы ашкол ахь дшааиз еиԥш", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.