Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьопуаԥҳа Барӷьаԥтәи ашкол аҟны абызшәа аҵаразы иҟоу аҭагылазаашьа иазкны

© Foto / предоставлено Аидой ДжопуаГал араион аладатәи Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Аида Џьопуаԥҳа
Гал араион аладатәи Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Аида Џьопуаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гал араион Аладатәи Барӷьаԥтәи абжьаратә школ аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Аида Џьопуаԥҳа Аԥсны аҵара министрра ақыҭа школқәа иреиӷьу рырҵаҩцәа ҳәа иалнакааз рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп. Арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеи Аладатәи Барӷьаԥтәи ашкол аҿы аҵара процесс шцо.
Џьопуа: ахәыҷқәа абызшәа ишыхәҭоу еиԥш ирҵарцаз аԥынгылақәа рацәоуп

"Ҳашкол аҟны аԥсуа бызшәа дырҵара иалагеижьҭеи уамак ҵуам. Избан акәзар, дыҟамызт аԥсшәа дзырҵоз аспециалист, ахәыҷқәа азыҟалҵон ақыҭаҿы инхоз абызшәа здыруаз аԥҳәыс. Ахәыҷқәа абызшәа ишахәҭоу еиԥш ирҵарцаз иҟоу аԥынгылақәа рацәоуп, уи имариоу усым. Аурыс бызшәа даара ихьысҳаны ирдыруеит. Актәи акласс инаркны абжьбатәи аҟынӡа аҵара процесс урысшәала имҩаԥысуеит. Егьырҭ аклассқәа макьана ақырҭуа секторуп. Араҟа аԥсуа бызшәа аҵара иалагоит аҩбатәи акласс инаркны, иаҳҭахуп ари аҭагылазаашьа ԥсахзарц. Абызшәазы алексикатә урокқәа хацырктәуп ахәыҷы ашкол ахь дшааиз еиԥш", - ҳәа азгәалҭеит Џьопуаԥҳа. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0