Аныҳәамшқәа раан урыстәылаа триллион мааҭ нырхит

Урыстәылаа адәқьанқәа рҟны инрыжьуеит рбиуџьет абжеиҳара, ашықәс ҿыцазтәи аахәарақәа раан ацәашәҵатәи ашьапымаҭәеи 8,4% роуп иргаӡаз.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәыла Аҵәахырҭатә банки адырратә оператор "Платформа ОФД" реицыҭҵаарақәа ирылҵшәаны ишьақәыргылахеит аныҳәамшқәа раан урыстәылаа 1,1 триллион мааҭ шнырхыз. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Аҵәахырҭатә банк апресс-маҵзура.

Арда Ашәба еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аԥсуаа традициала ишаԥыло

"Ԥхынҷкәын 29, 2018 шықәса инаркны ажьырныҳәа 7, 2019 шықәса рҟынӡа ҳуааԥсыра рныхрақәа идыртәеит 1,1 триллион мааҭ. Абжьаратә урыстәылауаҩ абарҭ амшқәа рзы инихит 16,1 нызқь мааҭ. Ҵыԥхтәи ашықәс иадкыланы уахәаԥшуазар 0,23% рыла еиҳаны", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҿы.

Акрыфарачарҭақәа рҟны еиҳа аԥара нырхуан ҳәа иԥхьаӡоуп Омск, Свердловск, Нижегородтәи оабластқәа, Москвеи Санкт-Петербурги аԥхьатәи ахәбақәа рсиагьы ианымлеит.

"Асасааирҭақәа" ркатегориаҿ аныхрақәа 13% ихалеит.

Аныҳәатә каникулқәа раан Аҵәахырҭатә банк акартақәа рхы иадырхәеит 169 тәыла рҟны.

Урыстәылаа ԥсшьара ҭыԥны еиҳа бзиа ибаны иалырхыз атәылақәа иреиуоуп: Испаниа, Италиа, Белоруссиа, Қырҭтәыла.