Арда Ашәба еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц аԥсуаа традициала ишаԥыло

© Sputnik / Томас ТхайцукАрда Ашуба
Арда Ашуба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аԥсуаа Ашықәс ҿыц шазгәарҭо атәы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 31 – Sputnik. Ашықәс ҿыц ианҭало, ииасыз ашықәс наскьаго ҭаацәыцыԥхьаӡа аишәа рхианы, гәырӷьарыла ихысны иԥхарҵоит ажәытә, уи цәгьарас иацыз аманы ицаразы, ԥхьаҟагьы аамҭа бзиа ҟаларц, иҳәеит аԥсуаҭҵааратә институт адиректор, афольклорист Арда Ашәба.

Ашықәс ҿыц аан ишаԥу еиԥш ауаа еиҭанеиааиуеит, агәылацәа сааҭк аԥхьа еибабазаргьы даҽазнык еидныҳәалоит.

"Агәылара дахьнеиз дрыдныҳәалоит, урҭ ашықәс ҿыц агәырӷьара рзаанагартә Анцәа диҳәоит. Уаҟа ҵәыцак ауп иааникыло, уи иацҵаны иуҳәо ҳәа акгьы ыҟаӡам, аҵәца араҟа ацәашьы иаҩызоуп хықәкыс иамоу ақәныҳәара ауп", — азгәеиҭеит Ашәба.

Ашықәс ҿыц иазку аишәа амҩаԥысшьа иамоуп иара ахатә ҷыдарақәа, иҳәеит афольклорист.

"Ашықәс ҿыц иазку аныҳәа азы еиҭанеиааиуазар уи акоуп, даҽа зҵаароуп иаҳҳәап асас дыҟазар, усҟангьы ахырҟьара аҭахӡам арыжәтә аганахь ала. Аԥсуаа ҳҟны иҟаӡамызт ауаҩы дыбӷаӷо аҟынӡа ижәуа, аҩны даахьааиз сасык дтәазаргьы ииҳәаша изымдыруа, ма арыжәтә змаабыз ҩыџьа жәа-ҟәышк избжьамҳәо", — иҳәеит уи.

Аԥсаӡ - Sputnik Аҧсны
"Аԥсаӡ, аԥсаӡ уԥшӡаӡа…"

Иаҳҳәап, абырг ныҳәаҿақәаа ааникылозар, уи аҵыхәтәанынӡа иужәыроуп ҳәа идырцаломызт, иааидкыланы ажәытәан аԥсуаа ҟазшьас ирымаӡамызт арыжәтә адцалара, азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

"Адцалара ыҟаӡамызт, избанзар угәылара жәаџьара, жәохәџьара унеир ауп, иахьабалак ҵәыцак аанукылароуп, убри азы уиаҟара уламӡар ауеит. Аиҭанеиааира аҟны ихадароу ақәныҳәара акәын. Ауаҩы иҟалон имаҷу ҵәыцак ирҭар уи даҳәар, арыжәтә мыцхәы иахьизымжәуа азы", — иҳәеит Ашәба.

Далацәажәеит Арда Ашәба аԥсуа чарақәа рҿы арыжәтә шыржәуа атәы, иагьазгәеиҭеит иахьатәи ачареи ажәытәтәи акыр ишеиԥшым.

"Уаанӡа ҭамадак иакәын иҟаз, избанзар ачарахь иаарԥхьоз ҩышәҩык-хышәҩык иаҳа игәакьаз, зыда ԥсыхәа ыҟамыз ракәын, уажәы ирдыруа зегьы ирарҳәоит, хәыҷык аҽаԥсахит. Аҭамада аӡә иакәын, избанзар уи далырхаанӡа агәи-агәаҵәеи иахныҳәаз иакәын азин змаз аишәа амҩаԥгара", — ациҵеит Ашәба.

Насгьы еиҳа арыжәтә ззыжәуа ҳәа аицлабра ыҟаӡамызт, иҟаз еидтәаланы гьамала аамҭа ахыгара акәын, иҳәоит аҵарауаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0